АЖӘАБЖЬҚӘА

X Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аԥснытәи ҭагалан ашәыгақәа» аатит ААУ аҿы

X Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аԥснытәи ҭагалан ашәыгақәа» аатит ААУ аҿы

ААУ аҟазара афакультет адекан Нугзар Логәуа иажәақәа рыла арт-пленер иалахәхоит Аԥсны, Москва, Санкт-Петербург, Новосибирск, Пермь, Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рҟынтәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рырҵаҩцәеи еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәеи. «Апленер аҳәаақәа ирҭагӡаны ареспублика аԥсабареи акультуреи ддырдыруеит, аҭыԥантәи атрадициақәа ирылацәажәоит.Ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа ирыбзоураны иалыршахеит аҟазара афакультет аартразы ашьаҭа ашьҭаҵара. Уаанӡа ахырхарҭа апедагогикатә факультет иалан», - иҳәеит Логәуа. 2013 шықәса раахыс имҩаԥырго апроект еиҿыркаауеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, асахьаҭыхыҩцәа Жәларбжьаратәи реидгыла «Аԥсны-арт», Амилаҭтә галереиа. Сынтәа арт-пленер мҩаԥысуеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ицхыраарала. Апроект ахықәкы хадақәа иреиуоуп аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа ҿарацәеи астудентцәеи рзанааҭтә лаԥшҳәаа арҭбаара, егьырҭ арегионқәа рҟынтәи рколлегацәеи дареи рԥышәа аимдара, арҿиаратә еимадарақәа рырҿиара, асахьаркыратә традициақәа реиқәырхара. Арт-пленер апрограмма иаҵанакуеит аҭҵаарадфрра-методикатә конференциа «Атрадициақәеи иахьатәи аамҭеи», Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь аныҟәара. Алахәылацәа русумҭақәа реихшьаалатә цәыргақәҵа мҩаԥгахоит жьҭаарамза 23 рзы ААУ аҩналарҭаҿы.

Image
Image
Image
Image

Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА")Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.