Аҟәатәи аԥшаҳәа арҿыцразы Башкортосҭан ахаҭарнакцәа аџьшьаратә шәҟәқәа ранеишьеит Ҭемыр Агрба

Аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара аҳҭнықалақь аинфраструктура аҿиареи ақалақьуааи атуристцәеи рзы иманшәалоу аҭыԥ аԥҵареи рҿы аҵакы змоу шьаҿаны иҟалеит. Апроект нарыгӡеит Урыстәылатәи арегионқәа, В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» алархәны, иара убас Аԥсни Урыстәылеи рбизнес-еилазаара.

Аиԥылараҿы ақалақь ахада асасцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит рлагала ду азы.

«Гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп шәусуреи, шәзанааҭдырреи, шәҭакԥхықәреи, шәусуратә знеишьеи рзы. Ҳара ҳзы акыр иаԥсоуп ари апроект аԥсы ахьахашәҵаз. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Аԥсни, Аҟәеи, уи ауааԥсыреи шәшырзыҟоу», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҭемыр Агрба.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз Аҟәа ахада апроект алахәылацәа аџьшьаратә шәҟәқәа ранеишьеит.

Башкортосҭан ахаҭарнакцәа уи аҭакс Аҟәа анапхгара иҭабуп ҳәа рарҳәеит асасдкылареи русеицуреи рзы, иагьацырҵеит аԥшаҳәа арҿыцра аҽалархәра дара рзы зыхә ҳараку ԥышәаны ишыҟалаз, зегь реиҳа иԥхоу ацәаныррақәа шрынаҭаз.

 

Image
Image
Image
Image

Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА")Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.