Аиҿцәажәараан Агәабзиарахьчара аминистр иазгәеиҭеит Урыстәылатәи агани дареи реинырра арҭбаара аусбарҭа шазҿлымҳау.
Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы акәзар, иахәҭоу ацхыраара аҟаҵареи уи азы азыҳәақәа Урыстәыла Афедерациа апрофильтә федералтә структурақәа рахь рынашьҭреи ишазыхиоу рҳәеит.
«Агәра ганы ҳаҟоуп иқәҳаргылаз ахыдҵақәа рыӡбара шҳалшо», — ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков.



