«Амҩа арыцқьаразы аусурақәа мҩаԥыргон Гагратәи амҩа-ргыларатә усбарҭа аусзуҩцәа, уахынла асааҭ ҩба инаркны шьыжьынӡа», - ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.
Аспециалистцәа ирласны атранспорт ныҟәартә еиԥш амҩа аҿықәан иҟаз аԥынгылақәа аԥырхит.
Амшцәгьа инамаданы «Аԥсныавтодор» ареспублика амҩаду аҿы еиҳа ауадаҩра зцу, ишәарҭоу аҭыԥқәа ргәаҭара арӷәӷәеит.



