«Абизнес арҿиара аҳәынҭқарра афинанстә хьыԥшымра арӷәӷәареи атәылауаа рхашәалахәы аизырҳареи рзы ихадоуп», - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Делба аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо

Аԥыза-министр иазгәеиҭеит илегалтәым аекономика шышьақәгыло азакәанԥҵара апроцессқәа ахьеиқәымшәо, ааԥхьара ҟаиҵеит ашәахтәқәҵара иаҵам аекономика ахәҭак алегалтәра азырурц.

Алегалтәра, Владимир Делба иажәақәа рыла, ашәахтә хашәалахәқәа рыҩаӡара уажәтәи 9% инаркны 12-15% рҟынӡа аизырҳара алнаршоит, уи аҳәынҭқарра ахатәы аагарҭақәа рышьақәырӷәӷәаразы алшара анаҭоит.

 

Image
Image
Image
Image

Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА")Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.