АЖӘАБЖЬҚӘА

Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба 2026 шықәсазтәи ацитрустә ҽаҩра аекспорт аиҿкаара азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит

Аилацәажәара алагамҭазы атәыла ахада апрофильтә маҵзурақәа рхаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит иҳаҩсыз ацитрустә сезон аан русуразы, иагьазгәеиҭеит иқәыргылаз адҵақәа ааидкыланы иахәҭоу аҩаӡараҿы ишынагӡаз.

Аилацәажәара алахәылацәа аҳәынҭқарра ахада адырра ирҭеит ацитрустә шәырқәа рахгаразы уажәтәи аҭагылазаашьа атәы. Ахәҭакахьала, сынтәа асезон алагара маҷк ихьшәахеит.

Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә ҳәааҿы амаҵзурақәа зегьы ирласны, еиқәышаҳаҭны русура аиҿкаара шхымԥадатәиу. Ҷыдала дазааҭгылеит аамҭа маҷны иагаларц иахәҭоу адокументқәа реиқәыршәара, ақыҭанхамҩатә аалыҵ ахгара знапы алаку атәылауаа сааҭла аҳәаахьчаратәи аҳазалхратәи процедурақәа рхысра иазыԥшымзарц.

Атәыла ахада иара убасгьы иазгәеиҭеит ақыҭанхамҩаарыхыҩцәа рзы афинанстә еидара цҵа аԥызҵар зылшо атарифқәа рышьҭыхра шыҟамло.

Аилацәажәара аихшьаалақәа ҟаҵо, Бадра Гәынба иазгәеиҭеит иҳаҩсыз асезон иалагӡаны амаҵзурақәа зегьы еиқәшәаны аус шыруз, аминистрцәа Реилазаареи атәыла анапхгареи иқәдыргылаз адҵақәа ирласны ишырыӡбоз. Иара агәыӷра ааирԥшит аиԥш зеиԥшу азнеишьа сынтәатәи иҟалап ҳәа.

«Ҳара еилаҳкаауазароуп зыӡбахә ҳамоу ашықәс зегьы амандарина аазрыхуа, зџьабаа ахашәала аиуп ҳәа иақәгәыӷуа ҳанхацәа рџьабаа шакәу. Ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭираан иԥсабаратәым аԥынгылақәеи раԥҵара аӡәгьы азин имаӡам», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада.

Атәыла ахада иазгәеиҭеит сынтәа аусура ишалаго амандарина аус адуларазы анаплакы. Убри аан иара инаҵшьны иазгәеиҭеит анаплакы ҿыц ацхыраара аҭара шхымԥадатәиу, избанзар уаҟа иҭыжьу аалыҵгьы аекспорт иазырхоуп.

Бадра Гәынба анапынҵа ҟаиҵеит асезон иалагазар иалахәу аусбарҭақәа зегьы иааиԥмырҟьаӡакәа ахылаԥшра рызузарц, иара убас есымчыбжьа аминистрцәа Реилазаара аппарати ахада Иусбарҭеи аҳәынҭқарратә ҳәааҿы иҟоу аҭагылазаашьа азы адырра рырҭаларц.

«Ари аамҭазы иҟаҳҵо зегь раԥхьаӡа иргыланы ҳанхацәа ринтересқәа рыхьчареи иаадрыхыз аҽаҩра ԥынгылада аҭиреи ирзырхоуп», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла ахада.

 

Image
Image
Image
Image

Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА")Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.