АЖӘАБЖЬҚӘА

Афинансқәа рминистр Саид Гәбаз Апарламент адепутатцәа ирыдигалеит жәа-мзы рыҩнуҵҟа аҳәынҭқарратәи ареспубликатәи биуџьетқәа рынагӡара арбага хадақәа

Ахарџьқәа-15 млрд 524 млн мааҭ.

Ахатәы хашәалахәқәа-12 млрд 455 млн мааҭ.

Саид Гәбаз иажәақәа рыла, аҳәынҭбиуџьет ахатәы хашәалахәқәа 88% рҟынӡа аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилаки ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрреи напхгара арҭоит.

Афинансқәа рминистр иара убасгьы дазааҭгылеит жәа-мзы реихшьаалақәа рыла анагӡара арбага бзиақәа шубо шамахамзар аҭыԥантәи абиуџьетқәеи аҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи афондқәеи зегьы рҿы.

Ҳазҭоу ашықәс абҵарамза 1 азтәи аҭагылазаашьала ареспубликатә биуџьет арбагақәа абас иҟоуп:

ахашәалахәқәа рзеиԥш мҽхакы — 12 млрд 320 млн мааҭ;

ахатәы хашәалахәқәа-7 млрд 958 млн мааҭ;

Урыстәылатәи афинанстә цхыраара — 4 млрд 361 млн мааҭ;

ахарџьқәа-11 млрд 723 млн мааҭ.

Image
Image
Image
Image

Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА")Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.