Аԥыза-министр иазгәеиҭеит 2024 шықәсазы аизгара аҩаӡара 44% ыҟазҭгьы, иахьатәи аамҭазы 57% рҟынӡа ишеизҳаз.
Жәа-мзы рыҩнуҵҟа аенергетикатә еилахәыра ахашәала 1,7 млрд мааҭ еиҳахеит.
«Аԥсны афымцамч ахәԥҵәа бжьаратәла 2 мааҭки 90 капеи ыҟоуп. Иаҳҭаху афымцамч киловаттк азы 5,2-5,4 мааҭ ҳәа иааҳхәоит, киловаттк азы 2,8 мааҭ ҳәа иҳҭиуеит, урҭ рахьынтә 57% аизгара аҩаӡара ауп, уи инацҵаны атехникатә цәыӡқәа рпроцент акыр иҳаракуп. Жәаҳәарада, ари аусхк цәыӡуп. Аха аенергетикатә усхк цәыӡ амамзароуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Делба.
Иахьазы Аԥсны ишьақәыргылоуп 65 нызқь инареиҳаны аҳасаббаратә мыругақәа, уи иалнаршоит асистема еиҳа хаҭабзиарала анапхгара аҭара, ишиашоу ианыруеит ашәарақәа реизгара.



